Иреиӷьу спектакльны иԥхьаӡоуп Евгени Шварц испектакль «Аҳәынҭқар ҟьантаз». Иара убас ари ақәыргыламҭа иреиӷьу актиортә ансамбль азы аҳамҭа анашьоуп, ароль хада назыгӡо Алхас Шамба асезон иреиӷьу актиор ҳәа ихьӡ ҳәоуп.
Иреиӷьу арежиссиор ҳәа далкаауп Адгәыр Ақаҩба ақәыргыламҭа «Акрал Лир» азы. Лана Џьопуа иреиӷьу аԥҳәыс лроль азы далкаауп,
аспектакль «Акрал Лир» аҿы иналыгӡоз Корделиа лроль азы.
Аноминациа «Аҩбатәи аплан аҿы иреиӷьу аҳәса рроль» аҟны далкаауп «Акрал Лир» аҿы Регана назыгӡоз Ашьна Ҳагба. «Аҩбатәи аплан аҿы иреиӷьу актиорс» далхуп Фридрих Шиллер испектакль «Мариа Стиуарт» аҿы Кеннеди Алорди ррольқәа назыгӡаз Саид Кәакәасқьыр.
Иреиӷьу ашьҭыбжьтә еиҿкааразы аҳамҭа иоуит Алан Чамлар, Антон Чехов испектакль «Аҷныш» аус адуларазы. Акостиумқәа рзы иреиӷьу сахьаҭыхҩуп ҳәа далкаауп Диана Допуа, аспектакль «Мариа Стиуарт» иазлырхиаз акостиумқәа рзы, иреиӷьу сахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩуп Гарри Дочиа Михаил Рощин испектакль «Аешелон» азы.
Абжьыҭира мҩаԥган атеатр афоие аҿы ахәаԥшцәа рыбжьара, уаҟа ицәырган актиорцәеи, арежиссиорцәеи, аспектакльқәа рыхьӡқәеи зну анкетақәа.
