ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз акомиссиа аилатәараҿы апрограмма алахәхаразы ақыҭақәа рзыҳәақәа ирыхәаԥшуп ҳәа аанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аилатәара аихшьаалақәа рыла 14 қыҭа рыпроектқәа ирықәшаҳаҭхеит. Урҭ рынагӡара иазырхахоит 1 млн мааҭ рҟынӡа. Аԥарақәа амҩақәеи асоциалтә обиектқәеи реиҭашьақәыргылареи реиқәыршәареи, акоммуналтә инфраструктура аҿиареи, ӡыла аиқәыршәареи ирызкуп.
