Print this page
вчера 10:26

77 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Игор Мураҭ-иԥа Ахба

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула иаанацҳауеит акыраамҭатәи ичымазара бааԥс ашьҭахь нанҳәамза 18 рзы 77 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара дшалҵыз Игор Мураҭ-иԥа Ахба.

Игор Мураҭ-иԥа Ахба Аԥсны Аҳәынҭқарра иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, адипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ.

Игор Мураҭ-иԥа Ахба диит жәабранмза 5, 1949 шықәсазы Аҟәа. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы азиндырратә ҵара иоуит, СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳәынҭқарреи азини Ринститут аспирантура далгеит. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан Игор Мураҭ-иԥа иаԥиҵеит, дахагылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ганрацәала ацхыраара аҭаразы аоперативтә штаб. 2004 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра напхгара аиҭон.

Уи идипломатиатә усура адаҟьа ҷыда аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоуп. Абҵарамза 14, 2008 шықәса рзы Игор Мураҭ-иԥа Урыстәылатәи Афедерациааҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан. Ари амаҵураҿы иара жәаха шықәса инареиҳаны дыҟан, аҳәынҭқаррабжьаратә еинырра аҿиареи аҩ-тәылак рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рҿы илагала дууп. 2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Игор Мураҭ-иԥа Евразиатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷдас дҟаҵан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы Игорь Мураҭ-иԥа Ахба «Ахьӡ-Аԥша» аорденқәа II, III аҩаӡарақәа ианашьан, «Аԥсны аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан. Жәларбжьаратәи аусеицура аҿиараҿы илагалазы иара ианашьан Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адырга «Жәларбжьаратәи аусеицураҿы илагалазы».


Read 118 times