Print this page
вчера 0:35

Ваҳаид Керимов: «Ҳашьцәа ҳахьчарц ҳаауан»

1992 шықәса нанҳәамзазы иҩызцәеи иареи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ишалагаз шеилыркаази афронт ахь иаарц шырыӡбази иазку игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Чечентәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Ваҳаид Керимов. 

Аветеран игәалаиршәоит уи амш «Чечентәыла иаабац мшын» ҳәа. Иара усҟан 22 шықәса ихыҵуан.  Аибашьра шыҟалаз азы ажәабжь иаразнакала ареспублика аршанхеит. 

«Зегьы ирҳәоз акы заҵәык акәын: "Аԥсны аибашьра иалагеит", "Урҭ ҳашьцәа роуп, ацхыраара рҭахуп", "Уа абыргцәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи гәаҟуеит"», - игәалаиршәоит аветеран. 

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз раԥхьатәи ргәыԥ Черқьессктәи ақыҭа Хабез аҟынӡа инаргеит, уантәи амҩангаҩцәа рыцхыраарала, ашьха ахыҵырҭа шьапыла иалсыр акәхеит.   

Ваҳаид Керимов иажәақәа рыла, Аԥсны ацхырааразы иааз хатәгәаԥхарала еибашьуаз ачеченцәа аиааира шыргоз азы гәыҩбара рымамзт, избанзар еилыркаауан ииашоу аус азы ишеибашьуаз.


Read 31 times