1992 шықәса аԥхынразы аибашьра аныҟала Рем Садыков 18 шықәса ракәын ихыҵуаз. Усҟантәи аамҭазы аинтернети ҳаамҭазтәи асоциалтә ҳақәеи ыҟамызт, убри азы аинформациа хада ауаа ироуан телехәаԥшрала ажәабжьқәа рҭыжьымҭақәеи аиҳабыратә абиԥареи рҟынтәи.
«Усҟан Чечентәыла аиҳабацәа зегьы еицҿакны ирҳәон: "Аԥсуаа жәлар ҳаиашьаратә жәларуп. Ақырҭуа ҳәынҭқарра акырӡа иӷәӷәоуп, агеноцид ҟанаҵоит. Уаҟа аибашьра цоит, ҳашьцәа рыцхраара ҳуалуп" ҳәа. Хаҭала сара аганахь саангыланы ҭынч аҩны сызтәомызт, аӡәы ҳацхыраара шиҭахыз дырны»,-игәалаиршәоит Рем Садыков.
Аиашара ацәанырра згәы иҵхоз, 18-19 шықәса зхыҵуаз хәҩык аҩызцәа гәакьақәа ирыӡбеит афронт ахь ицарц. Ареспубликахь ианааи, ачечен еибашьцәеи аԥсуа еибашьцәеи цәаҳәак еицықәгылеит. Садыков зегь реиҳа иҵаулоу, иӷәӷәоу игәалашәарақәа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ихадоу ажәыларақәа ирыдҳәалоуп.
«Зегь реиҳа сгәалашәара иаанхеит Аҟәа азы ажәылара. Ҳакәша-мыкәша, зынӡа иқәыԥшыз аҷкәынцәа ыҟан, аминаршәгатәи артиллериатәи хысра ӷәӷәа цон. Аха, иааџьоушьаратәы, ҩныҵҟала зынӡаск гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьарак, ма гәҭыхак ҳамамызт. Ашәара зынӡа иҟамызт. Уи аамҭазы ҷыдала гәаҳәара дуӡӡак ҳахон, уи аиааира агара акәын», - иҳәоит Садыков.
