Print this page
вчера 2:35

Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы

Иахьа 34 шықәса ҵит 1992 - 1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи.

Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы аибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәарц иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа анапхгара, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз ранацәа, ауаажәларра.


Read 40 times