Print this page
вчера 4:08

Нанҳәамза 14 рзы 34 шықәса ҵит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи

34 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 14, 1992 рзы, аԥсшьаратә аамҭа аилашымҭаз, Ҭенгиз Китовани напхгара зиҭоз Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиа агәыԥқәа аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҳәаа иахысит.

Ашьаарҵәыратә еибашьра иалагеит, уи цон 413 мшы, иагьхыркәшахеит цәыббрамза 30 рзы аԥсуа жәлар риааирала.

Нанҳәамза 14 рзы ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит аибашьраҿы иҭахаз рбаҟақәеи рнышәынҭрақәеи рҿы.


Read 59 times