Print this page
06.Нанҳәа.2026

Владимир Делба Очамчыра араион акарпыжәи ашьынкеи аазрыхуа афермерцәа дырԥылеит

Аиԥылараҿы зҵаара хаданы иҟалеит аҽаҩра аҭагалара аамҭазы аҭыԥантәи аалыҵ аҭира аан уадаҩрақәас ицәырҵуа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аилацәажәара аартуа Владимир Делба игәалаиршәеит атәыла анапхгара анхамҩа аҿиаразы еиуеиԥшым-ауснагӡатәқәа шрыдыркылахьоу. Ахәҭакахьала, ԥхынгәымза 15 инаркны жьҭаарамза 15-нӡа акарпыжә культурақәа рахгаразы асезонтә ҳазалхратә баџь аус ауеит.

«Аалыҵ аҭира аиҿкааразы аӡбамҭақәа еицыԥшаатәуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Делба.

Иара иациҵеит абаџь шаларгалаз аарыхыҩцәа иҟарҵаз ааԥхьарақәа рышьаҭала. Убри аан аиҳабыра азыхиоуп афермерцәа реиԥш аахәаҩцәагьы ринтересқәа ҳасаб рзуны  ашьаҿақәа рыҟаҵара.


Read 443 times