Print this page
вчера 10:01

Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иааԥхьарала Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа усутә визитла Москва дыҟоуп

Ашәахьаҽны Асҭамыр Гәниа диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Плутницки.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аиԥылара ашьҭахь Гәниа Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистрра иналукааша аусбарҭақәа русушьа еиликааит:

-М. Ф. Владимирски ихьӡ зху Москватәи аобласттә ҭҵаарадырратә клиникатә институт;

- Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иатәу афтизиопульмонологиеи аҿкчымазарақәеи рмилаҭтә медицинатә ҭҵааратә центр;

- Академик Е. И. Чазов ихьӡ зху акардиологиа амилаҭтә медицинатә ҭҵааратә центр;

-Н.И. Пирогов ихьӡ зху амилаҭтә медико-хирургиатә центр.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп акрызҵазкуа аиԥыларақәа, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои иареи  реиԥылареи апрофильтә департаментқәеи Рфедералтә фонд анапхгаҩцәа рыҿцәажәарақәеи налаҵаны.

Арҭ аиԥыларақәа иалдыршоит ҩ-ганктәи аинырра ахықәкы хадақәа рылацәажәара, агәабзиарахьчара аганахьала ԥхьаҟатәи аусеицуразы ашьаҿақәа разгәаҭара.


Read 79 times