Print this page
вчера 12:55

Астолтә ԥкьаҭмпыл азы Аԥсны ачемпионат Тҟәарчал ақалақь аҿы имҩаԥысит

Аицлабрақәа ирылахәын ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 60-ҩык аспортсменцәа.

Ачемпионат аӡбаҩ хадас дыҟан Руслан Сариан.

Аҳәса рыбжьара аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла ахьтәы медал ланашьахеит Ерика Кәарҷиа (Аҟәа), араӡны медал – Кама Адлеиба (Аҟәа), аџьаз медал - Хана Малиа (Аҟәа).

Ахацәа рыбжьара аиааира игеит Леон Габлиа (Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Ренат Карчаа (Аҟәа), ахԥатәи - Милор Аԥхазаа (Тҟәарчал).

Ачемпионат аҿы аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан.


Read 106 times