Ацентр аусура иалагеит 2024 шықәса мшаԥымзазы. Уи анапхгаҩы Кама Гоԥиа ишеиҭалҳәаз ала, актәи аетап аан апроект аус ауан ауаажәларра гәыҳалалратә еиҿкаара «Панорамеи» иара убас егьырҭ афондқәеи рыцхыраара иабзоураны.
Аха аханатә еилкаан иааиԥмырҟьаӡакәа аусура шхымԥадатәиу. Ачынуааи, адепутатцәеи, аминистррақәеи рыҿцәажәара иабзоураны 2026 шықәса рашәарамзазы аиҿкаара официалла ҳәынҭқарратә усбарҭак аҳасабала иҭаҩын.
Акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит аинфраструктуратә зҵаара хада аӡбарагьы. Иаахәан Ҷанба имҩала игылоу ацентр азы ахатәы хыбра.
«Ҳара, ҳәарада, аҳәынҭқарреи, амеценатцәеи, ҳҩызцәеи рыдгылара ҳақәгәыӷуеит. Ҳара афинанстә цхыраара ду ҳҭаххоит акризистә центр атехникатә нормақәа зегьы ирықәшәарц азы», – ҳәа азгәалҭеит Кама Гоԥиа.
Иаахәоу ахыбраҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара ахьаҭахәу азы аиасра аамҭа аҭаххоит, уаанӡа иааиуа ашықәс ааӡамҭацәеи арҵаҩцәеи қьырала игоу аҩнаҿы иҟазаауеит.
