Print this page
вчера 1:47

130-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра аҳәаахьчаратә ԥҟаррақәа реилагаразы аҭакԥхықәра иақәыршәоуп

2026 шықәса актәи азыбжазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи русзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчареи аҳәаахьчаратә режим аиқәыршәареи русхк аҟны аилагарақәа маҷымкәа иаадырԥшит.

Имҩаԥгаз аусура алҵшәала административтә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп 130-ҩык инареиҳаны аилагаҩцәа.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ашьауӷатә усқәа ԥшьба хацыркуп. Хҩык ауаа ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп закәаншьаҭада Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахьахысуаз азы. Урҭ шықәсык ҿҳәарас ирыҭаны аҭакра рықәҵоуп.

Даҽаӡәгьы иус ӡбоуп арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршареи, арҩашьыгатә маҭәашьарқәа ралагалареи, ралгареи, мамзаргьы транзитла рымҩангареи иадҳәалоу  ацәгьоура аҽазыҟаҵареи ирызку ахәҭаҷқәа рыла. Иара 650 нызқь мааҭ ахараԥса иқәҵаны хәышықәсеи хымзи аҭакра иқәҵоуп.

Иара убас, Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аидарақәеи атауарқәеи закәаншьаҭада рахыгара аҽазышәарақәа 48 аԥырҟәҟәаауп, урҭ рахьынтә 39-аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы.

Иаарԥшыз амаҭәарқәа иреиуоуп 800 нызқь мааҭ инареиҳаны аҭаҭын аалыҵ, апсихотроптә маҭәашьар «Фенобарбитал» злоу ахәшәқәа, абџьари аџьаԥҳани, иара убас акультуратәи аҭоурыхтәи ҵакы змоу ауахәаматә ныхачаԥақәа.

Изакәанымкәа аусура аиҿкаареи амҩаԥгареи иалахәу ахаҿқәа рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп.


Read 48 times