Print this page
вчера 3:59

Анатоли Лагәлаа иҩымҭақәа реизга» «Ԥсадгьылк ауп иҟоу» ӡырыргеит аԥсуа театр аҟны

Аҭыжьымҭа аԥшьыргеит Анатоли Лагәлаа ихьӡ зху афонд «Абиԥара» иара убас ашәҟәҭыжьырҭа SOCHI PRESS APSNY. Ашәҟәы ианылеит еиуеиԥшым ашықәсқәа раан автор иаԥиҵаз иҩымҭақәа.

Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа иазгәеиҭеит Лагәлаа ирҿиаратә мҩа поетк иаҳасабала дшалагоз, ашьҭахь апрозахь ихы ширхаз. Аҩымҭақәа рыхәҭак аԥҵан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь.

Наҷҟьебиа иара убасгьы далацәажәеит Лагәлаа иҩымҭақәа аурысшәахь реиҭагара аус атәы. Иара иажәақәа рыла, ари урысшәала ицәажәо автор аҩбатәи еизгоуп.

Ажәабжьқәа реиҭагара иалахәын Аԥсуа литераторцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Светлана Ладариа, Витали Шариа, Алина Ажьиба, Даур Наҷҟьебиа.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҭагаҩцәа ишрылшаз Анатоли Лагәлаа илиризми ирҿиара аҷыдарақәеи реиқәырхара.


Read 62 times