Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик-амаӡаныҟәгаҩ Валентин Коӷониа иҳәеит академиа аҟәшақәа зегьы 2026 шықәса актәи азыбжазы ирыдыз апланқәа шынарыгӡаз. Фымз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аусбарҭақәа иҭрыжьит ашәҟәқәеи жәабала аҭҵаарадырратә статиақәеи, рхы аладырхәит жәларбжьаратәи аконференциақәа, иара убас ироуит аԥҵамҭақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа апатентқәа ԥшьба.
Аилатәараҿы иара убасгьы ишьақәдырӷәӷәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема амаҵурақәа рсиа, ақыҭанхамҩа аинститут адиректорс иқәыргылахо акандидатцәа рсиа, иалацәажәеит академикцәеи Академиа алахәылацәа-акорреспондентцәеи рыҭҵаарадырратә ҭынха анаунагӡатәразы акомиссиақәа русура.
