Акультура аминистр Даур Ақаҩба ишазгәеиҭаз ала, иахьатәи аамҭазы аусбарҭа Аминистрцәа Реилазаарахь ақәҵара анашьҭразы адокументқәа разырхиара иаҿуп. Ақалақьтә мчрақәа рхахьы иргоит ахыбреи адәахьтәи аҭеиҭԥш аиҿкаареи ирызку аусурақәа рымҩаԥгара, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхо ахархәагақәа иалдыршоит аекспозициа аҩнуҵҟа аиҿкаара.
