Print this page
вчера 23:39

Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵижьҭеи жәа-шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аатуеит Москва, ԥхынгәымза 31 рзы

Аиҿкааҩцәа ишырҳәаз ала, Искандер игәалашәара амш аҽны, асааҭ 12:00 рзы ашәҟәыҩҩы дахьжу Новодевичие аԥсыжырҭаҿы иҭынхацәа, алитературатә еилазаара ахаҭарнакцәа, акультура аусзуҩцәа, ашәҟәыҩҩы ирҿиара ҳаҭыр ақәызҵо зегьы злахәу агәалашәаратә церемониа мҩаԥгахоит.

Ацәыргақәҵа «Фазиль Искандер ида жәа-шықәса» аартра азыԥхьагәаҭоуп асааҭ 14:00 рзы. Аекспозициа Страстныи абульвар аҿы аус аулоит нанҳәаиза 31-нӡа, уи ашьҭахь Гоголь ибульвар ахь ииаргоит.

Ацәыргақәҵа аԥҵоуп Евгени Попови Михаил Гундарини ирҩыз абиографиатә шәҟәы «Фазиль» ашьаҭала, иазкуп ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаареи, ирҿиареи, илитературатә ҭынхеи, иара убас Аԥсни иареи реимадара.

Апроект еиҿыркааит ашәҟәыҩҩцәа Ррегионалбжьаратә еиҿкаара «Аурыс ПЕН-центри», А.П. Боголиубов ихьӡ зху аҟазара абиблиотекеи, аҭҵаарадырратә библиотека, амемориалтә музеи «А. Ф. Лосев иҩни» , Москватәи аԥсуа диаспора ацхыраарала. Ацәыргақәҵа аинформациатә лахәылаҩыс иҟоуп ашәҟәҭыжьырҭақәа «Ексмо», «АСТ-Анбан».


Read 43 times