«Уажәшьҭа дарбанызаалак атәылауаҩ хаҭала аминистрра акомпетенциа иаҵанакуа азҵаарақәа рзы азинмчы змоу амаҵурауаа рахь иадҵаалар рылшоит», — иҳәеит Кәпалба.
Атәылауаа рыдкылара мҩаԥысуеит есыҽны асааҭ 09:00 инаркны 13:00 - нӡа. Ааԥхьарақәа зегьы ашәҟәы иҭагаланы ахәаԥшразы ахырхарҭа иақәшәо аспециалистцәа ирырҭоит.
