Print this page
01.Абҵара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АҬАҶКӘЫМҞЬАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛА АЧЕМПИОНАТ АРАӠЫНТӘ АԤХЬАХӘ ИАԤСАХАЗ БАҬАЛ ЧЕЖИА ДИДИКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҭаҷкәымҟьара азы Урыстәыла ачемпионат араӡынтә аҧхьахә иаҧсахаз Баҭал Чежиа дидикылеит.

"Иудысныҳәалоит, Баҭал. Ус инагӡала!", - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада, аспортсмен аԥсшәа иаҳәо. Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит аспортсмен игәалаҟазаара зкиԥшроу.

Баҭал Чежиа Ахада иииҭаз адгыларазы иҭабуп ҳәа иаҳәаны, иазгәеиҭеит: "Сгәалаҟазаара бзиоуп. Зегь раҧхьа иргыланы, Шәара иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Шәара изышәҭаз адгыларада ари аиқәԥара зыҟаломызт,  иара убас атитулгьы. Хымԥада, ҳара ишаҳҭахҵәҟьаз еиԥш изымцеит. Раԥхьа ҳаиҭоуп ҳәа азырыӡбеит, аха ҳара ҳ - Федерациа аӡбамҭа иаҿагылеит, избан акәзар даргьы, иахәаԥшуазгьы ирбарҭан аиааира ҳара ишаҳтәыз. Сара Урыстәыла ачемпионат араӡынтә титул санаршьеит, ԥхынҷкәынмзазы ахьтәы титул азы ақәԥара сыдыргалеит", - иҳәеит ақәԥаҩ.

Баҭал Чежиеи Максим Смирнови рыбжьара ақәҧара мҩаԥысит Москва, жьҭаарамза 29 рзы  агимнастка Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху Агимнастика ахан аҟны.   Аиндаҭлара мҩаҧыҧсуан зыкапантә категориа 79 кг рҟынӡа иҟаз рыбжьара, аа-раундк рыҩныҵҟа.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иааиуа аинадҭларазы аҽазыҟаҵара шаҭаху. "Ҳара ҳганахь ала иахәҭоу ацхыраара ҟаҳҵоит. Уџьабаа хымҧада алҵшәа аиуеит", - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Read 409 times - Ахәаша, 04 Абҵара 2022 13:39