Print this page
вчера 20:45

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҳџьынџьуаа злахәу Жәларбжьаратәи аԥхынтәи аҿартә лагер «Ахьышьтрахь-2026» алахәылацәа дырԥылеит

Атәыла ахада аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь раара аҵакы ду шамоу.

«Аҿар рҭоурых ргәалашәоит, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иазхәыцуеит. Шәаара даара ҳаигәырӷьоит, уи иаанаго рацәоуп. Ҳџьынџьуаа ахьыҟазаалакгьы еснагь рааигәа ҳаҟоуп. Ҳара иаҳҭахуп шәыԥсы шәшьарц, Аԥсны аҭыԥ ԥшӡақәа жәбарц, ҳзеиԥш ҭоурых шәеиҭазхәыцырц», — иҳәеит Бадра Гәынба.

Апроект хықәкы хадас иамоуп аԥсуа диаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара, иара убас амилаҭтә бызшәеи, акультуреи, атрадициақәеи аҿар рыбжьара реиқәырхареи рӡыргареи.

2018 шықәса раахыс есышықәса имҩаԥысуа алагер еиҿнакаауеит арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы. 2026 шықәсазы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба инапынҵала апроект аформат арҭбааит: раԥхьаӡа акәны уи иалахәхеит Аԥсны алицеи-интернатқәа рааӡамҭацәа.


Read 239 times