Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аневролог, анутрициолог Наталиа Авласик, аклиникатә психолог, анеиропсихолог Алена Гушьерева, иара убас ABA-терапевт, алогопед-адефектолог, амузыкатә терапевт Иулиа Коган.
Ԥхынгәымза 19, 20 рзы афонд аофис аҿы зажәаҳәатәи зыԥсихикатәи ҿиара еиҵаханы иҟоу, аутизм змоу 20-ҩык ахәыҷқәа рзы аҳақьымцәа хәыда-ԥсада агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Аиҿкааратә харџьқәа зегьы инагӡаны ахахьы иагеит Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана».
Агәаҭарақәа раан иҟоуп ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны ҷыдала ахшыҩзышьҭра зҭаху адиагнозқәа ззықәдыргылаз. Аспециалистцәа ражәақәа рыла, арҭ аҷыдарақәа заанаҵы раарԥшра ианаамҭоу ацхыраара аҟаҵара алнаршоит.
Иахьазы хә-ҭаацәарак афонд «Ашана» иадҵаалахьеит, ахәышәтәра ахысразы афинанстә цхыраара роурц азы.
