Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭыԥқәа рҿы асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа астратегиатә ҵакы шрымоу, иагьиҳәеит урҭ ишалдыршо аусура алҵшәақәа обиективла ахәшьара рыҭара, араион аҿы иҟоу апроблемақәа ишиашоу рылацәажәара.
«2026 шықәса актәи азыбжазы аусура аихшьаалақәа ҟаҳҵоит. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа араионқәа рҿы аҵак ҷыда рымоуп. Ари имҩаԥгаз аусура ахәшьара аҭара адагьы,иалнаршоит ишиашоу ауаа рацәажәара, иҳалшаз, ҳусура ахьырӷәӷәатәу аилкаараҿы иҳацхраауеит», — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Бадра Гәынба игәалаиршәеит араионқәа рҿы шакәу атәылауаа реиҳараҩык ахьынхо, аус ахьыруа, атәыла уасхырс иамоу. Аԥсны азеиԥш ҿиара ишиашоу иадҳәалоуп араионқәа рҿы асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра.
«Сара еснагь исҳәон, еиҭасҳәоит иахьа: араионқәа роуп ҳҳәынҭқарра шьаҭас иамоу. Араионқәа ҿиозар, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа еиӷьхозар, жәаҳәарада, уи атәыла зегьы ианыԥшуеит. Гәылрыԥшь араион еснагь аџьа бзиа иабон, иӷәӷәаз, згәы былуа ауаа рыла ахьӡ-аԥша аман. Араҟа аусушьа рдыруеит, ауадаҩрақәа риааишьа рдыруеит, рыдгьыл иахӡыӡаауеит, ахәыҷқәа аџьа пату ақәҵаны ирааӡоит. Абас еиԥш иҟоу ауаа роуп ҳҳәынҭқарра шьаҟа хадас иамоу.
Машәыршақә иҟамлаӡеит сынтәатәи ашықәс ақыҭа иашықәсны иахьрылаҳәоу, аха инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп: ари зныктәи акциам, шықәсык мацара акәӡам ақыҭақәа ҳанрызхьаԥшуа. Ақыҭа аҿиара, араионқәа адгылара рыҭара, ауаа рыԥсҭазааразы иаԥсоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакын, ус иагьаанхоит. Шамахамзар ҳуааԥсыра рыбжаҩык иахьа ақыҭаҿы инхоит. Ҳара иаадыруеит лассы-лассы ҳқыҭауаа иарбан уадаҩрақәоу изықәшәо, ақыҭа џьа арманшәаларазы аҳәынҭқарра анапхгареи араион анапхгареи ирылшо зегьы рыҟаҵара рҽазыршәоит».
