Print this page
вчера 22:58

Гәылрыԥшь араион Ахадараҿы асоциал-економикатә ҿиара, иара убас 2026 шықәса актәи азыбжазы аҵареи, амедицинеи, акультуреи, аспорти русхк аҟны аихьӡарақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит

Гәылрыԥшь араион ахатәы хашәалахәқәа зегьы рыла аплан нанагӡеит. Аҭыԥантәи абиуџьет аныхратә хәҭа 94% рыла инагӡоуп: иазԥхьагәаҭоу 217 млн мааҭ раан фактла ахарџьқәа идыртәеит 205 млн 569 нызықь мааҭ. 2025 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа арбагақәа раасҭа 18% рыла еиҳауп. Абри атәы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дызлахәыз араион актив аҳасабырбатә еилатәараҿы иҳәеит ахадара аиҳабы Саид Ҳаразиа.

  Аԥарақәа рӷьырак аџьаԥса афонд аизырҳара иазырхан, уи 53 млн 622 нызықь мааҭ рыла иазҳаит.

50% рыла еиҳахеит административ-нхамҩатә усзуҩцәа руалафахәы (ашьҭыхра азеиԥш еицҵалыҵ — 47 млн 72 нызықь мааҭ). Уи иалнаршеит араион аусзуҩцәа бжьаратәла руалафахәы 24 883 мааҭ рҟынӡа анагара. Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәеи акласстә анапхгаҩцәеи ирзоужьын 6 млн 550 нызықь мааҭ. 

2026 шықәса актәи азыбжазы араион ахадара арезервтә фонд аҟынтәи 3 млн мааҭ инареиҳаны иазырхоуп 115-ҩык ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭара.

Иара убас, 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ихәыҷаахыс ичмазаҩцәоу есымзатәи аԥаратә цхыраагӡақәа рызшәара мҩаԥгоуп, иааидкыланы уи иартәеит 1,5 млн мааҭ. Ари аԥаратә цхыраагӡа ихадоу ашәагаа 2 500 мааҭ инаркны 3 500 мааҭ рҟынӡа еиҳахеит.

Араион азеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа аҵарашықәс ҿыц разырхиаразы ареспубликатәи аҭыԥантәи абиуџьетқәа рԥарақәа адыԥхьалоуп. Аминистрцәа Реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи иазоужьуп 2,42 млн мааҭ. Урҭ рҟынтәи 1,45 млн мааҭ ашколқәа рҿы аԥенџьырқәа рыԥсахра иазырхоуп (аусурақәа мҩаԥысхьеит), 975 нызықь мааҭ — аҩнымаҭәа ҿыц аахәара.

Араионтә биуџьет аԥарақәа рҟынтәи 787 600 мааҭ ашколтә хыбрақәа реиҭашьақәыргыларазы аргыларатә маҭәахәқәа раахәаразы инашьҭуп.

Араион акультура аусхк иазоужьын 5,79 млн мааҭ. Урҭ рҟынтәи 2,5 млн мааҭ акультура аҩны ахыб аԥсахрахь ишьҭын, 1 млн 765 млн мааҭ — аныҳәақәа реиҿкааразы.

Амедицинатә маҵзура ахаҭабзиара аизырҳара иазырхоуп 3 млн 585 нызықь мааҭ.

2026 шықәса актәи азыбжазы Амуниципал унитартә наплакы «Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа» араионтә биуџьет аԥарақәа рҟынтәи иазоужьын 36 млн 250 нызықь мааҭ. Аматериал-техникатә база арӷәӷәареи агәамсам зго амашьына ҿыцқәа ҩба раахәареи ирықәхарџьхеит 19,8 млн мааҭ. Даҽа 4,3 млн мааҭ Ленин имҩа арԥшӡара иазырхан, 12 млн мааҭ инеиҳаны — анаплакы уажәтәи аныҟәгаразы.

2026 шықәса лаҵарамза анҵәамҭазы араион акоммуналтә маҵзурақәа адыԥхьалан ақәаршҩы ӷәӷәақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы. Ақәаршҩы иахҟьаны анхарҭа ҩнқәеи аҩны иазааигәоу аҵакырақәеи аӡы рыҵалеит, аҵлақәа каҳаит, амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, аӡцарҭақәа алыкь рхыҵәеит. Амшцәгьа еиҳа ааха знаҭаз араион аиланхарҭақәа ацхыраара рырҭоит, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵоуп.


Read 26 times