Print this page
вчера 23:49

Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт аминистр Андреи Никитин автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ Адлер аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа гәеиҭеит

Амилаҭтә проект «Хра злоу атранспорттә система» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥырго аҳәаахьчаратә ҭыԥ аиҭашьақәыргылара иалнаршоит уи аушьҭратә лшара акыр аизырҳара.

Аусурақәа хәҭа-хәҭала имҩаԥгахоит: раԥхьа аидарамҩангагатә хырхарҭала, анаҩс автобустәи амашьыналаси рзы. Иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп ацхыраагӡатә обиектқәа рыргылара.

Аҩбатәи аетап аан ашьаҟамҩатә хәҭа еиҭашьақәыргылахоит. Уажәы ари аҭыԥ иҟалараны иҟоу аусурақәа иаздырхиоит. Ҳазҭоу ашықәс азы аҳәынҭқарратә гәаҭаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рзы ахыбрақәа рыргылара азԥхьагәаҭоуп, иара убас аидарамҩангарақәа реиқәыршәаразы ахыбра, Урыстәылатәи Афедерациа  алаларҭаҿы автобусқәа рныҟәара ацәаҳәақәа ирхагылоу ахыб.

Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп аинтеллектуалтә аушьҭырҭатә ҭыԥ асистема аусура аларгара, уи аҳәынҭқарратә ҳәаа ихысуа  рхаҿқәеи, атранспорттә хархәагақәеи, аидарақәеи рзы аинформациа еизнагоит, иаҵәахуеит, анализ рызнауеит, ҳаамҭа иақәшәо аинформациатәи системақәа ркомплекс ауп. Ари асистема аусура аларгара иалнаршоит агәаҭара аамҭа акыр аркьаҿра.

2025 шықәсазы зеиԥшла аҳәаа иахысит  2,8 млн рҟынӡа атранспорттә хархәагақәеи 12 млн инареиҳаны ауааи. 2026 шықәса азбжазы аҳәаа иахысхьеит 2 млн рҟынӡа ауааԥсыра.

Аҳәаахьчаратә еиҭаҵра аиҭашьақәыргылара ашьҭахь уи аушьҭратә лшара уахыки-ҽнаки рыла 14 нызқь инареиҳаны атранспорттә хархәагақәеи 80,5 нызқьҩык ауааи рҟынӡа ихалоит, ацәаҳәақәа рхыԥхьаӡара 28 еиҳахоит.

Аиҭашьақәыргылара ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп 2028 шықәсазы.


Read 26 times