Асас бзиала шәаабеит ҳәа иаҳәо Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рыбжьара атранспорттә еимадара астратегиатә ҵакы шамоу. Иҳәеит Урыстәыла Ахада Владимир Путини Урыстәылатәи Афедерациеи ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои рыцхыраара иабзоураны ишалыршахаз иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиреимадара аиҭарҿыцра, иара убас Агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Адлер» аҿы мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргылара алагара. Аушьҭырҭатә ҭыԥ ақәыӷәӷәара ду, аекономикатә еимадарақәа рымҽхаки аҩ-тәылак руааԥсыра реимадара ӷәӷәеи аанарԥшуеит.
«Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьа инаҳагӡо апроектқәа зегьы иманшәалоу атранспорт ада рынагӡара залшом. Ари ихадоу усхкуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Андреи Никитин иакәзар аусеицура алҵшәа бзиақәа азгәеиҭеит. Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт аминистр инаҵшьны иҳәеит иманшәалоу атранспорт Аԥсны аекономика шарӷәӷәо, аҩ-ҳәынҭқаррак хықәкы хадас ишрымоу иласу, иманшәалоу аимадара . Иара иациҵеит 2026 шықәса аԥхынтәи асезон азы атәылақәа рыбжьара аҳаиртә мҩангарақәа шымҩаԥысуа 13 хырхарҭа рыла.
