Print this page
вчера 1:42

Иуа Коӷониа ибаҟа апроект иақәшаҳаҭхеит амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала имҩаԥысит амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа анҭыҵтәи аилатәара. Аиԥылара мҩаԥысит А.К. Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы.

 Амшхәаԥштә иазҵаара хаданы иҟалеит апоет Иуа Коӷониа  аус зыдуло ибаҟа апроект ахәаԥшра. Апроект авторс дамоуп Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы, аскульптор Амиран Адлеиба. 

Адлеиба ицәыригеит 2025 шықәса жьҭаарамзазы Аҳәынҭкомиссиа иҟанаҵаз абжьгарақәа ҳасаб рзуны ирҿыцу аскульптура.

Аилатәара алахәылацәа аусумҭа ахә ҳаракны иршьеит, ҷыдала иазгәарҭеит апоет ихаҿсахьеи амилаҭтә маҭәа аелементқәеи инҭырҳәцааны аус шрыдулоу. 

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла акомиссиа аӡбра аднакылеит аус зыдулоу абаҟа апроект иақәшаҳаҭхарц.

Аҟәа ахадареи,  Амиран Адлеибеи,  архитектор Сариа Лакырбеи алархәны ааигәа-сигәа иҟоу аҵакыреи апостаменти ирызку апроект аус адыруларц азы абжьгара ҟаҵоуп. Апроект Аҟәатәи аԥшаҳәа арԥшӡаразы ишьақәырӷәӷәоу аконцепциа иақәшәозароуп.


Read 35 times