Print this page
18.Ԥхынгәы.2026

Аԥсны аԥсыӡааӡаратә нхамҩақәа гәарҭоит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Перцхьелиеи Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рахь аусуратә ныҟәара мҩаԥыргеит, уи хықәкыс иамоуп 2026 шықәсазы  ақыҭақәа рыҿиара  иазку Аҳәынҭпрограмма алахәхара иашьҭоу аԥсыӡааӡаратә фермақәа рҭагылазаашьа хаҭала ахәшьара аҭара.

Азыҳәақәа рыдкылара хыркәшахеит ԥхынгәымза алагамҭазы.

Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟала иаԥҵоу акомиссиа аҭыԥқәа гәарҭоит: адгьыл  аҭагылазаашьа зеиԥшроу инаркны аарыхратә мчхарақәа разыхиара аҟынӡа.

Гәдоуҭа араион анапхгара аҭааит Даур Мишьелиеи (Жәандәрыԥшь ақыҭа), Дырмит Ҳаразиеи (Џьырхәа ақыҭа), Анатоли Ҳагәышьи (Калдахәара ақыҭа) рынхамҩақәа. Урҭ ицәырыргаз апроектқәа аҳәынҭпрограмма алахәхара аҭахрақәа ирықәшәом.

Гагра араион аҿы азҿлымҳара рыҭан аус зуа анаплакқәа, Гьачрыԥшьи Цандрыԥшьи аҳаблақәа рҿы иҟоу акалмаҳааӡарҭатә нхамҩақәа «Абраскьыли» «Христофори», урҭ рнапхгаҩцәа абизнес арҭбаареи аизырҳареи рзы аҳәынҭқарратә субсидиақәа ирықәгәыӷуеит.

Агәаҭара алҵшәақәа рыла аихшьаалатә лкаақәа ҟарҵоит. Аԥаразоужьра зауа изы аҵыхәтәантәи аӡбамҭа аднакылоит аицлабратә комиссиа.


Read 1583 times