Print this page
сегодня 6:27

Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчнаӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәраргагатә шәҟәқәа инапы иаиркит

Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ҭоурыхла аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу, азеиԥш лахьынҵеи, аҳаҭыреиқәҵареи, акыршықәсатәи аидгылареи шьаҭас ишрымоу.

«Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа рышьақәгылареи жәларбжьаратәи разхаҵареи рзы имариамыз амҩа ҳанысит. Иахьа ҳара аполитикатә диалог арӷәӷәара, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә, акультуратә усеицура арҿиара ҳаҿуп, ахырхарҭақәа зегьы рыла есааира рымҽхак ырҭбаауа», — иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра ахада ацҳаражәҳәаҩ изеиӷьеишьеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәара иазырхоу аҭакзыԥхықәу адипломатиатә миссиаҿы ақәҿиарақәа.

Кациа Асҭамыр иаҵшьны иҳәеит ҩ-ганктәи аусеицура ишацҵахо.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ареспубликақәа ҭоурыхла  аизааигәареи аиашьаратә еимадарақәеи ишеидыркыло, иҳәеит ахырхарҭақәа зегьы рыла аусеицура еиҳагьы аҽшарҭбаауа, аҿиара шаиуа.


Read 53 times