Лара лажәақәа рыла, 2023 шықәсазы аппарат ахь инашьҭын 68 рҟынӡа ааԥхьара, 2024 шықәсазы — 103, 2025 шықәсазы-90 ааԥхьара. 2026 шықәса актәи азыбжазы ашәҟәы иҭагалоуп 50 рҟынӡа ааԥхьара, убри аан азҵаарақәа жәпакы рыӡбара алыршахоит аҭелтә ааԥхьара астадиа аангьы.
Еиҳа актуалра злоу атемақәа ируакны иаанхоит аҭаацәаратәи абзазаратәи қәымчра.
«Азакәан ахаҭа ақәымчра ааннакылом. Аха иара ауаҩы еиҳа ирласны ихьчара алзыршо мыруганы иҟалароуп», - ҳәа азгәалҭеит Кьышьмариа.
2026 шықәсазан аԥыжәара зырҭо азҵаарақәа иреиуоуп апсихиатриатә хәышәтәырҭеи, абыргцәа рыҩны агәаҭареи, иара убас ауаҩы изинқәа рыхьчара аусхк аҟны азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа аус рыдулара.
Аомбудсмен ҷыдала ахшыҩзышьҭра алҭеит жәларбжьаратәи аусеицура. 2025 шықәсазы аппарат аусзуҩцәа рхы аладырхәит 60 инареиҳаны жәларбжьаратәи аконференциақәа.
«Сыламыси сареи ҳабжьара акомпромисс сақәшаҳаҭым, уи ада иарбанызаалак азааибагарақәа сырзыхиоуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Кьышьмариа, аӡәырҩы хаҭала иахьеибадыруа ауаажәларра маҷ аҿы аомбудсмен иусура иацу ауадаҩрақәа ирызку азҵаара аҭак ҟаҵо.
Лара лажәақәа рыла, аомбудсмен иусура хықәкыс иамоуп ааԥхьарақәа рыхәаԥшра адагьы ауаҩы ипроблема инагӡаны иӡбахаанӡа иаагәа аҟазаара.
