Ақалақьтә ԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит амшцәгьа иахҟьаны иҟаз амшынцәқәырԥа агаҿа аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәа ананаҭа ашьҭахь. Уажәазы аргылаҩцәа 1700 метра рҟынӡа инаӡо аԥшаҳәа ахәҭа шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылахьеит. Иахьатәи аамҭазы аусурақәа рыхәԥса 136 миллион мааҭ артәахьеит. Аиҭашьақәыргылараан анџьныртә ҳақәа шьаҭанкыла ирыԥсахит, ҳаамҭазтәи арлашагатә цәаҳәақәа ықәдыргылеит.
Анаҩс апроект аҿы иарбоуп аԥшаҳәа даҽа 900 метра ацҵара. Апроект иазԥхьагәанаҭоит ашьаҟамҩатә цҳақәа ҩба рыхҵара, аԥшаҳәа ҿыц азеиԥш ҵакыра иартәоит 3600 метр квадрат.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика зегьы азы аобиект иамоу асоциал-економикатәи атуристтәи ҵакы шыҳараку.