Print this page
вчера 2:51

Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков

Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс усеицура актуалтә зҵаарақәа, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара аԥеиԥш.

Иааиуа амшқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа иҭара иазку аофициалтә церемониа мҩаԥгахоит.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин рашәарамза 26, 2026 шықәсазы иҭижьыз аусԥҟала Виачеслав Гладков Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.


Read 42 times