Азакәан апроект ҿыц ала Жәлар Реизарахь иалху адепутатцәа рмаҵура иахагылаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи ажәлари гәык-ԥсыкала ишырзыҟоу азы ҭоуба руроуп аԥсышәала. Аҭоуба шьҭаиҵаанӡа адепутат изинмчхарақәа рынагӡара дзалагом. Убри аан аҭоуба ашьҭаҵара аԥҟареи уи атексти Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәалоит.
