Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Урыстәыла иаанкыланы иҭаку Аԥсны атәылауаҩ Иракли Бжьинаа изинқәа рыхьчара азҵаара.
Аршба иҳәеит Иракли Бжьинаа идукатцәеи иҭаацәеи дышрыдҳәалоу.
Иара убас, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азыҳәарала Урыстәылатәи аган атәылауаҩ Бжьинаа иахь аконсул инашьҭра иақәшаҳаҭхеит. Иахьатәи аамҭазы аҭаара арыцхә шьақәдырӷәӷәоит.
Олег Барцыц Иракли Бжьинаа изинқәеи иинтересқәеи рыхьчара иазырхоу аусура ацҵаразы иахәҭоу анапынҵақәа ҟаиҵеит.
