Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара даара иԥхоу, аиҩызаратә, аиашьаратә, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа шышьақәгылаз.
Бадра Гәынба аҵак ду аиҭоит Аԥсни Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи реимадара арӷәӷәара.
«Санкт-Петербурги ҳареи ҳаинырра ихадоу ахырхарҭақәа ируакуп. Алеқсандр Дмитри-иԥа аҭагылазаашьа схы иархәаны хаҭала иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахын Аԥсны адгылареи уи иашәҭо ацхыраареи рзы», - иҳәеит ахада.
