«Витали Алықьса-иԥа, Аԥсны аԥсшәа шәаҳәара сеигәырӷьоит. Ҳреспубликаҿы ахә ҳаракны иршьоит иҳабжьоу аиҩызара, Аԥсны атәылауаагьы ирныруеит уи аизыҟазаашьа ԥха. Акыр иаԥсоуп Самаратәи аобласти ҳареи ҳаимадарақәа ареалтә усқәа рыла иахьышьақәырӷәӷәо. Урыстәыла арегионқәа аус рыцура, ҳаинырра иҵаулоу апрактикатә ҵакала иарҭәуеит», – иҳәеит Гәынба.
Гәынба иажәақәа рыла, иахьа Аԥсны динамикала иҿиоит: «Хра злоу аусеицуразы зымҽхак ҭбаау ахырхарҭақәа ҳамоуп».
Аҳәынҭқарра Ахада аобласт анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Гәдоуҭа ақалақь ацхыраара ахьарҭаз азы.
«Иахьа Гәдоуҭатәи аԥшаҳәаҿы имҩаԥгаз аусура алҵшәақәа еицгәаҳҭоит», - иҳәеит Гәынба.
Витали Шабалатов Самаратәи аобласт агубернатор Виачеслав Фиодоришьев иҟынтәи ажәа ԥхақәа иҳәеит, аимадарақәа рырҭбаара дшазыхиоу шьақәирӷәӷәеит.
«Ҳара ҳагәҭакқәа ируакуп аинырразы амҩа ҿыцқәа рыԥшаара. Самаратәи аобласти Аԥсны Аҳәынҭқарреи еиҳагьы еизааигәазтәуа аусеицуразы ахырхарҭақәа рацәоуп.
Урыстәылеи Аԥсни ҭоурыхла аимадара бзиа рыбжьан. Хаҭала сара шәреспублика абзиабаҩцәа среиуоуп, 25 шықәса ҵуеит саҭаауеижьҭеи, араҟа аҩызцәа рацәаҩны иахьсымоу сазгәдууп. Аԥсны сара даара исзааигәоуп, агәра гаҵәҟьаны сыҟоуп ҳусеицура Аԥсни Самаратәи аобласти руааԥсыра реизҳазыӷьаразы алҵшәа бзиақәа шаанаго», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит иара.
