Аҳҭнықалақь ахада ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит ақалақь аветеранцәеи, абыргцәеи, аҭоурыхи аҵасқәеи рыхьчаҩцәеи.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ақалақьтә мчрақәа ақалақьтә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи арҿыцреи рзы асистематә усура ишацырҵо.
«Ақалақь ахадара анаҩсгьы ирылшо зегь ҟарҵалоит Аҟәа аҿиаразы, уаҟа анхара, аусура, ахәыҷқәа рааӡара, ажәра аԥылара маншәалахарц азы. Ҳара иацаҳҵоит амҩадуқәеи апаркқәеи реиқәыршәара, аинфраструктура арҿыцра, аҭоурыхтә ҭынха аиқәырхара, ауааԥсыреи атуристцәеи рзы аԥсшьарҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара», — иҳәеит Агрба.
Ахыркәшамҭаз ақалақь ахада Аҟәа иқәыгхо ауааԥсыра ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьареи аихьӡара ҿыцқәеи, ҭаацәацыԥхьаӡа анасыԥи аманшәалареи.
