Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит зҭоурых зхашҭуа ажәлар ԥхьаҟа аԥеиԥш шрымам. Атәыла ахада иҳәеит зықьҩыла аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыдгьыл гәакьа ахақәиҭразы рхы шақәырҵаз, урҭ ргәымшәареи, рыԥсадгьыл гәык-ԥсыкала абзиабареи, уи аԥеиԥш агәрахаҵареи иабзоуроуп иахьатәи аҭынчԥсҭазаара.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит зегь реиҳа иуадаҩыз аҭоурыхтә аамҭақәа раан аԥсуа жәлар еснагь ишаадырԥшуаз акзаара, аидгылара, рыжәҩахыр еибыҭаны агылара ишазхиаз — убас акәын аибашьра ашықәсқәа раангьы ишыҟаз.
Аветеранцәа рахь ихы нарханы атәыла ахада иҳәеит рфырхаҵареи ргәымшәареи ахаангьы ишырхамышҭуа, иазгәеиҭеит иахьагьы атәыла аизҳазыӷьаразы рхы ишамеигӡо.
Ахыркәшамҭаз аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳбиук ашьха иԥшьоу ҭыԥны ишыҟоу, абиԥара ҿа ируалуп араҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа рхамышҭра, ртәыла аҭоурых агәалашәара аҵәахра.
