Print this page
вчера 0:07

Аԥыза-министр Владимир Делба аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи аусбарҭа аԥҵоижьҭеи 20 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит

«Ҩажәа шықәса – ари ахамеигӡареи аџьабаа дуи зцу, шәзанааҭдырра ҳаракы аазырԥшуа ҳәаауп. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны зегь реиҳа иуадаҩу, ишәарҭоу аамҭақәа рзы еснагь ацхыраара шәазыхианы, узықәгәыӷша маҵзураны шәхы аашәырԥшит.

Шәара шәусура аҩныҵҟатәи ахачҳара, агәымшәара, ашәарҭара азыхиазаара аҭахуп. Арыцҳара ахьыҟалаз, ацхыраара ахьаҭаху аҭыԥ аҿы раԥхьаӡа инеиуа шәара шәоуп. Аԥсҭазаарақәа реиқәырхара, аԥсабаратә рыцҳарақәеи иҷыдоу ахҭысқәеи рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхра, ааха зауз ацхыраара рыҭара – ари Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра хаҭалатәи аилазаара уахи-ҽни инарыгӡо миссиа дууп.

Ҳазгәдууп шәықәҿиарақәа, шәус гәык-ԥсыкала шәахьазыҟоу, ауаа реизҳазыӷьаразы амаҵ аура шәахьазхиоу», - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Делба аиқәырхаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имариам, аха ас еиԥш иахәҭоу аџьабаазы, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҭакзыԥхықәу аусураҿы ақәҿиара ҿыцқәа.

«Шәыҩнқәа рҿы аҭынчреи аҳра аулааит, ақәҿиарақәа шәыцзааит. Еснагь шәеибганы аҩныҟа шәхынҳәлааит»,-ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр.


Read 46 times