Аныҳәа аҭааҩцәа рзы иазырхисн жәлар рҟазацәа рнапкымҭақәа: аны́шәаԥшьӡы, амилаҭтә рԥшӡагақәа, амузыкатә инструментқәа, аҭаҭар чабрақәа, ашәҟәқәа, иара убас аҭаҭар чыс. Хазы аус ауан абренд «Сан лчаи» («Шырлык чәе»), уаҟа ицәырган ахәшә злыҵуа аҵиаақәа ирылху аҳаскьын.
Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны асасцәа дахьқәа аконцерттә программа иаҭааит, жәлар рыхәмаррақәеи ртрадициақәеи еилыркааит. Еизаз зегьы рзы еиҿкаан амастер-классқәа, амилаҭтә қәԥара, ачеиџьыка.
