Аҭагылазаашьа схы иархәаны, шәара шәҿаԥхьа Сергеи Владилен-иԥа Кириенко Аԥсны жәлар рыхьӡала иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахын. Иара иоуп ари аиҭашьақәыргылара аԥшьызгаз, аҿҳәарақәа рхылаԥшреи апроект анагӡара амҩаԥысшьеи налаҵаны зегьы нҭырҳәыцааны хшыҩзышьҭра азҭаз. Ҳтәыла ауааԥсыра рҿаԥхьа еиԥш уи асасцәа рҿаԥхьагьы џьабаа дуӡӡан, ҭакԥхықәран», - иҳәеит Гәынба.
