Ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, иара убас Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани рхаҭарнакцәа.
Еиҭашьақәдыргыло аԥшаҳәа аура 1 920 метра ыҟоуп, азеиԥш ҵакыра 13,7 га. Анџьныртә ӡбара ҿыцқәа зегьы ҳасаб рзуны аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ахәԥса 2,5 млрд мааҭ иреиҳахеит.
