Print this page
вчера 9:01

Ԥхынгәымза 2 рзы тамшьтәи арра-десанттә операциа 33 шықәса ахыҵит

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Тамшь ақыҭан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан.

Ацеремониа алахәылацәа иҭахаз ргәаладыршәеит. Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Башкортосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров, Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара адепутатцәа, аиҳабыра алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.


Read 40 times