Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан азинҷыдатә кредит аҭареи мшаԥымзазы Жәларбжьаратәи аԥсуа економикатә форум-2026 аҿы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡареи рзы аԥсуа-аурыс инвестициатә программа азҵаарақәа. Аиԥылара хазы игоу ахәҭа ареспубликаҿы атуристтә аамҭахәҭа ахацыркра иазкын.
Иара убасгьы ирзааҭгылеит ҩ-ганктәи аусеицура ԥхьаҟатәи аҿиара, ишьақәдырӷәӷәеит атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аизырҳареи ареспублика аекономикатә потенциал арӷәӷәареи ирызку апрограммақәа рынагӡара ацҵара ргәы ишҭоу.
