Print this page
сегодня 23:29

Имҩаԥысит Асҭамыр Гәниеи Сергеи Готиеи авидеоконференциала русуратә еилацәажәара

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Асҭамыр Гәниеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист-атрансплантолог хада Сергеи Готиеи авидеоконференциала русуратә еилацәажәара.

Аиԥылара тема хаданы иазыҟалеит аҷаҷачымазара змоу ачымазцәа иҷыдоу амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаарақәа рзы аинырра, иара убас ареспублика ауааԥсыра ари ацхыраара ахьроуа алшарақәа рырҭбаара.

Аԥсны ҩымш иҟаз атрансплантологиеи иԥсабаратәым аорганқәеи рцентр аҟынтәи Урыстәылатәи аспециалистцәа ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы агемодиализ аҟәша аусушьа гәарҭеит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ареспублика аиҳабыра рыцхыраарала есышықәса инанагӡоит апрограмма «Аҷаҷачымазара змоу рзы атерапиа аиҿкаара». Уи анагӡаразы иазоужьхоит 60 млн мааҭ аҳәынҭқарратә ԥара.


Read 32 times