Аҵараиурҭа адиректор, Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба аҵаҩцәа разыҟаҵара аҩаӡара шыҳараку азгәеиҭеит, ари амш аусбарҭа аԥсҭазаараҿы аҵак ду шамоу дазааҭгылеит.
«Аҳәынҭқарратә ԥышәара ишьақәнаргылоит ҳаушьҭымҭацәа академиатә зыҟаҵара ахьынӡарымоу. Аҿыханҵа аҟәша напхгара аиҭоит аԥышәа ду змоу еицырдыруа аҟаза Нодар Ҵәыџьба, амаҭәа адизаин аҟәша – зус бзианы издыруа аспециалист Сиузанна Кәарҷиа. Аԥышәаратә комиссиа напхгара аиҭоит еицырдыруа асахьаҭыхыҩ, аинтеллектуал, атеоретик Адгәыр Ӡиӡариа. Ари аԥышәара ахысра имариам усуп», – ҳәа азгәеиҭеит адиректор.
Арҿиаратә знеишьала ирбеиоу академиатә дыррақәа аҵаҩцәа рхаҭара ашьақәыргылара иазырхоуп.
