«Ҳара ҳзы, хаҭала сара сзы шәааԥхьара ҳаҭыр дууп. Иара убасгьы ҳаҭыр дууп ззанааҭдырра ҳараку шәшәахтә маҵзура аус ацура. Аколлектив даара иӷәӷәоуп, ашықәс алагамҭазы еибаҳҳәаз апроектқәа иахьа ишазыԥхьагәаҭаз еиԥш аҿҳәарақәа инарықәыршәаны рынагӡара ҳаҿуп», – иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егоров.
Егоров Аԥсны агәаҭара-кассатә техника алагалара иахьалагаз адгылара аиҭеит.
«Ари актәи аетап ауп, аха атәыла аекономиказы даара акыр аҵанакуеит, уи ҳԥышәа иаҳнарбеит. Ҳколлегацәа, атехнологиақәа ртәылаҿы анагӡаразы ихымԥадатәиуп ҳәа ишырыԥхьаӡо еиԥш иаларгалоит. Уи еиҳагьы еиӷьуп. Аамҭакәак рнаҩс шәара шәԥышәа шәымаҳдоит, избанзар шәтехнологиақәа еиҳа адаптивтә ҟазшьа рымазаауеит», — иҳәеит Даниил Егоров.
Иара убас иазгәеиҭеит ареспублика ашәахтә система амодернизациа агәаҭара-кассатә техника алагалара аҿы мацара ишаанымгыло.
