Абри атәы иҳәеит Апарламент аҟны имҩаԥысуаз апрофильтә еилакы аилатәараҟны Аконтрольтә палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба.
Убри инаваргыланы иара иазгәеиҭеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки рырбагақәа шыҳараку.
Оҭырба дазааҭгылеит иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә зқәым амедицинатә аалыҵқәа рсиа иаша ашьақәырӷәӷәара шхымԥадатәиу.
Агәынамӡарақәа ыҟоуп Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аусуразгьы.
«Атуризм аминистрра адыррақәа рыла, асертификациа змоу анхарҭатә хархәагақәа ирҭааит 641 нызқьҩык. Аԥсшьаҩы 200 мааҭ абаџь ршәар акәын. Ҳаззыԥшыз ахашәалахәы 128 миллион мааҭ ыҟан, аха фактла абиуџьет ахь инеиз 42 миллиони 837 нызқь мааҭ роуп», – иҳәеит Оҭырба.
Даҽа систематә проблемаоуп аҳәынҭқарратә хатәра анапхгара аҭара. Амҩатә фонд абиуџьет аҿаԥхьа иақәу ауал 4,3 миллион мааҭ рыла иазҳаит.
«Аҳәынҭқарратә мазаразы ахашәалахәы 35 миллион мааҭ роуп иҟоу. Агәаҭарақәа иаадырԥшит 2000-2003 шықәсқәа рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла шаку иахьагьы ишырыԥхьаӡо (шықәсык ахь 200 нызқь мааҭ рҟынӡа). Убри аан иазгәаҭоуп арендаторцәа арҭ аԥара маҷқәагьы анырымшәо шыҟоу», – иҳәеит Оҭырба.
«Атәылаҿы аҳәынҭқарратә хатәра ахә лаҟәит . Уи араионқәа зегьы ирызкуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Оҭырба.
Аконтрольтә палата аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Апарламенти Аминистрцәа реилазаареи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит арҭ апроцессқәа рҭышәныртәалара иалагарц. Агәаҭарақәа рзы иахәҭоу аҳасабырбақәа Аконтрольтә палата амчратә усбарҭақәа рахь хара имгакәа инанашьҭуеит.
