Print this page
вчера 8:37

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа ақыҭа ашықәс амҩаԥгаразы Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥигеит

Аиҿкааратә еилакы аусура рхы аладырхәит Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аминистрцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа.

Аилатәара аартуа Беслан Бигәаа иргәалаиршәеит атәыла ахада 2026 шықәса ақыҭа иашықәсны ишрылеиҳәаз. Убри инамаданы ақыҭақәа рыдгылареи рырҿиареи иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа жәпакы нагӡахоит.

Ахада ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсуа қыҭа амилаҭтә культуреи, атрадициақәеи, абызшәеи реиқәырхараҿы иааннакыло аҭыԥ ҷыда.

«Ақыҭа аҿиара ақыҭанхамҩа адгылара мацара акәӡам. Уахь иаҵанакуеит аинфраструктура арҿыцра, аенергетикеи, аҵареи, агәабзиарахьчареи рсистема аиӷьтәра, ауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара ишиашоу анырра азҭо егьырҭ ахырхарҭақәа рырҿиара», — ҳәа азгәеиҭеит Беслан Бигәаа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ақыҭанхамҩатә проектқәа рыдгыларазы апрограмма анагӡара шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит, ҳазҭоу ашықәс азы Аҳәынҭқарра ахада иӡбарала иазоужьыз аԥара 500 миллион мааҭ артәоит. Иазгәеиҭеит агрантқәеи асубсидиақәеи роуразы азыҳәақәа рыдкылара ишалагахьоу. Аҳәынҭқарратә дгылара рыҭахоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа: аҵиаа аӡара, арахә ранҵара, аԥсыӡ ааӡара, ақыҭанхамҩатә техника аахәара.

Афинансқәа рминистр Саид Гәбаз ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахо аусмҩаԥгатәқәа ирзоужьхо аԥара дазааҭгылеит. Иҳәеит, заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы ақыҭақәа рыдгылареи рырҿиареи рзы аԥаратә хархәагақәа х-миллиард мааҭ рҟынӡа ишынаӡо.

Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба ақыҭақәа рҿы аенергетикатә инфраструктура аиӷьтәразы имҩаԥырго аусура дазааҭгылеит. Афымцацәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит, атрансформатортә станциа маҷ ҿыцқәа ықәдыргылоит, ашьаҟақәеи амыругақәеи рыԥсахуеит. Афымцацәаҳәақәа ррыцқьареи ақыҭақәа фымцамчла реиқәыршәареи ирзырхоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы аусурақәа ирыцҵоуп.

Аҵара аминистр Хана Гәынба ақыҭа школқәа рыҿиаразы ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит. Лара иазгәалҭеит сынтәа ахьтәы медалқәа занашьоу аушьҭымҭацәа рыбжьара дшыҟоу ақыҭа школ аушьҭымҭагьы, уи лдырреи лҽазыҟаҵареи рыҩаӡара шыҳараку аалырԥшит.

Хана Гәынба иара убасгьы илҳәеит ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликатә еицлабра «Ашықәс арҵаҩы» сынтәа ақыҭа школқәа рырҵаҩцәа рыбжьара мацара ишымҩаԥгахо. Иара убас, аминистрра ақыҭа школқәа рырҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара апрограмма азԥхьагәанаҭоит.

Амҩатә инфраструктура аҿиаразы аусурақәа шымҩаԥысуазы адырра ҟаиҵеит акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа. Иазгәаҭан ашықәс нҵәаанӡа ақыҭақәа рахь уназго амашьынатә мҩақәа жәпакы реиҭашьақәыргылареи рырҿыцреи шазыԥхьагәаҭоу.

Ахада ихаҭыԥуаҩ аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит араион ахадарақәеи дареи русеицура дырӷәӷәарц, аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра арҭарц, ицәырҵуа азҵаарақәа ирласны ирыӡбаларц. Беслан Бигәаа инаҵшьны иазгәеиҭеит хықәкы хаданы ишаанхо ақыҭақәа рҿы анхаразы иаԥсоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, аинфраструктура аиӷьтәра, ақыҭақәа рсоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭара.


Read 117 times