«Ҳара ҳзы даара акыр иаԥсоуп Урыстәыла Ауаажәларратә палата русуратә ԥышәа рымдара», - лҳәеит лара.
Гәыли Кьычба ҷыдала иалылкааит Урыстәыла Ауаажәларратә палата, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы алхрақәа раан имҩаԥнагоз ауаажәларратә хылаԥшра асистема. Лара лажәақәа рыла, ари аԥышәа даара ихәарҭахеит 2025 шықәсазы Аԥсны ахада иалхрақәа раан.
Гәыли Кьычба агәрагара аалырԥшит Урыстәыла Ауаажәларратә палата ажәбатәи аилазаара алахәылацәа иқәгылоу ауснагӡатәқәа хра рыманы ишырыӡбало, Урыстәылеи Аԥсни русеицура аҿиареи ишацырҵо ала.
