«Аконцерт иаанарԥшуеит, зырҿиара амилаҭтә музыкатә культура аҿиараҿы акрызҵазкуа хәҭаны иҟалаз акомпозиторцәа ирықәу апату. Раԥҵамҭақәа асценаҿы рыбжьы гоит, азыӡырҩцәа азҿлымҳауп», - лҳәеит лара.
Аконцерт иалахәын Аԥсны жәлар рартистка Роза Чамагәуа напхгара злыҭо авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында», афилармониа асолистцәа Нана Черқьезиа, Альдон Цкәуа, Нугзар Какалиа, иара убас ансамбль «Анатрио».
