Акциа алахәылацәа ацәашьқәа рыла ианырҵеит ахыԥхьаӡара «85», ажәа «Иаҳгәалашәоит».
Аԥыза-министр Владимир Делба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аиҳабыра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ауаажәларра рхаҭарнакцәа иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәеит, Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Иара убасгьы ашҭаҿы имҩаԥысит ацәыргақәҵа «22.06.1941. Атрагедиа. Агәымшәара. Афырхаҵара», уаҟа ицәыргоуп афронт ахьынӡанаӡааӡо — адгьыл аҿы, амшын аҿы, аҳауаҿы Асовет ар рфырхаҵара зыршаҳаҭуа еиуеиԥшым афотосахьақәа, асалам шәҟәқәа, адокументқәа. Афотосахьақәа ирнуп, атыл аҿы хацәынмырха џьабаала аиааира ааигәазтәуаз рфырхаҵарақәагьы.
Аиҿкааҩцәа: Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала, Аҟәа Ахадара, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи, «Ԥсра зқәым аполки» «Аволонтиортә рота» Аԥснытәи аҟәшеи рхаҭарнакцәа.
